"Сара аус зуеит Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҿы, Аҟәа ахатәы клиникаҿы, уажәшьҭа мчыбжьык ҵуеит Тҟәарчалтәи аҳақьымцәа срыцхраауеижьҭеи. Тҟәарчал аендокринолог дрымаӡамызт ҳәа саҳаит, сгәы иазымычҳаит, уахьгьы ауаа срыцхраарц сҭаххеит. Ахәшәтәырҭа аҳақьым хада санлыдҵаала, дақәшаҳаҭхеит. Мчыбжьык ахь знык снеиуеит, шьыжьы инаркны хәлаанӡа уа сыҟоуп. Схатә машьына снақәҭәаны сцоит. Макьана иахьынӡасылшо сгәы иҭоуп усура", - ҳәа лҳәеит Анқәабԥҳа.
Аҳақьым еиҭалҳәеит, аколлектив ибзиан дышрыдыркылаз, тҟәарчалаа шылгәаԥхаз, уаанӡагьы ақалақь аҿы дышнанамгацыз. Ауаа ирдыруа иалагеит аҳақьым-аендокринолог дышроуз, игәырӷьоит, избанзар ус имариам аспециалист ишьҭаланы егьи ақалақь ахь ацара ҳәа азгәалҭеит Анқәабҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.