https://sputnik-abkhazia.info/20220202/raionk-asazaaraynt-anaba-tarchalti-akhshtyray-ausura-dshalagaz-iazkny-1037396112.html
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Анқәабԥҳа Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы аусура дшалагаз иазкны
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Анқәабԥҳа Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы аусура дшалагаз иазкны
Sputnik Аҧсны
Аҳақьым-аендокринолог Маиана Анқәабԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аҟәантә Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭахь аусура лцара шыҟалаз атәы, насгьы избан ус еиԥш... 02.02.2022, Sputnik Аҧсны
2022-02-02T20:30+0300
2022-02-02T20:30+0300
2022-02-02T20:30+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/02/1037396085_0:0:1236:696_1920x0_80_0_0_91a1f04c2b624be207e50507a7175a05.jpg
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Анқәабҳа Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы аусура дшалагаз иазкны
Sputnik Аҧсны
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Анқәабҳа Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы аусура дшалагаз иазкны
"Сара аус зуеит Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҿы, Аҟәа ахатәы клиникаҿы, уажәшьҭа мчыбжьык ҵуеит Тҟәарчалтәи аҳақьымцәа срыцхраауеижьҭеи. Тҟәарчал аендокринолог дрымаӡамызт ҳәа саҳаит, сгәы иазымычҳаит, уахьгьы ауаа срыцхраарц сҭаххеит. Ахәшәтәырҭа аҳақьым хада санлыдҵаала, дақәшаҳаҭхеит. Мчыбжьык ахь знык снеиуеит, шьыжьы инаркны хәлаанӡа уа сыҟоуп. Схатә машьына снақәҭәаны сцоит. Макьана иахьынӡасылшо сгәы иҭоуп усура", - ҳәа лҳәеит Анқәабԥҳа.Аҳақьым еиҭалҳәеит, аколлектив ибзиан дышрыдыркылаз, тҟәарчалаа шылгәаԥхаз, уаанӡагьы ақалақь аҿы дышнанамгацыз. Ауаа ирдыруа иалагеит аҳақьым-аендокринолог дышроуз, игәырӷьоит, избанзар ус имариам аспециалист ишьҭаланы егьи ақалақь ахь ацара ҳәа азгәалҭеит Анқәабҳа.Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/02/1037396085_59:0:1236:883_1920x0_80_0_0_9e681177caf781090f5a2c465104b5cc.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Анқәабԥҳа Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы аусура дшалагаз иазкны
Аҳақьым-аендокринолог Маиана Анқәабԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аҟәантә Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭахь аусура лцара шыҟалаз атәы, насгьы избан ус еиԥш аӡбамҭа злыдылкылаз.
"Сара аус зуеит Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аҿы, Аҟәа ахатәы клиникаҿы, уажәшьҭа мчыбжьык ҵуеит Тҟәарчалтәи аҳақьымцәа срыцхраауеижьҭеи. Тҟәарчал аендокринолог дрымаӡамызт ҳәа саҳаит, сгәы иазымычҳаит, уахьгьы ауаа срыцхраарц сҭаххеит. Ахәшәтәырҭа аҳақьым хада санлыдҵаала, дақәшаҳаҭхеит. Мчыбжьык ахь знык снеиуеит, шьыжьы инаркны хәлаанӡа уа сыҟоуп. Схатә машьына снақәҭәаны сцоит. Макьана иахьынӡасылшо сгәы иҭоуп усура", - ҳәа лҳәеит Анқәабԥҳа.
Аҳақьым еиҭалҳәеит, аколлектив ибзиан дышрыдыркылаз, тҟәарчалаа шылгәаԥхаз, уаанӡагьы ақалақь аҿы дышнанамгацыз. Ауаа ирдыруа иалагеит аҳақьым-аендокринолог дышроуз, игәырӷьоит, избанзар ус имариам аспециалист ишьҭаланы егьи ақалақь ахь ацара ҳәа азгәалҭеит Анқәабҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.