АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik. 35-ҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа акурорт Гәбаадәы азанџьырмҩакнаҳаҟынтә илбааргеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, амаҵзура "Курорт Красная Поляна" адыррала.
Аӡәы иқәгара жәаминуҭк рҟынӡа аамҭа ақәдырӡуан. Аӡәгьы ԥырхага имоуит.
Ауаа рылбаагара мҩаԥыргон акурорт аиқәырхаҩцәеи Урыстәыла АҶА аиқәырхаҩцәеи.
АҶА адыррақәа рыла, азанџьырмҩакнаҳа аангылара афымцамчхара ахьеиԥҟьаз иахҟьазар ҟалоит.