Аԥсны

Ашәҟәы иҭаргалахьеит адепутатрахь акандидатцәа раԥшьгаратә гәыԥқәа 112

Адепутатразы акандидатцәа ҭарыҩраны иҟоуп жәабран 10 инаркны хәажәкыра 2 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik. Аԥсны алхратә комиссиа хадаҿы иҭарҩит адепутатрахь акандидатцәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ ҿыцқәа:
Канџьариа Евгени Антипа-иԥа - 11-тәи алхратә ҭыԥ хада (Бзыԥҭатәи),
Бениа Реваз Шьалуа-иԥа - 13-тәи алхратә ҭыԥ хада (Гагра ақалақьтә).
Жәабран хԥа азы иҟоу аҭагылазаашьала Алхратә комиссиа хадаҿы ашәҟәы иҭагалоуп аԥшьагаратә гәыԥқәа 112, аполитикатә партиақәа хәба. Асиа зегьы шәаԥхьар шәылшоит абра.
Апарламент ахь адепутатцәа ықәзыргыло аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара мҩаԥысуеит жәабран 10 рҟынӡа. Адепутатразы акандидатцәа ҭарыҩраны иҟоуп жәабран 10 инаркны хәажәкыра 2 рҟынӡа.
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәса азы, иалххоит 35-ҩык адепутатцәа.