Аԥсны

Аԥсны даҽа 409-ҩык аҿкчымазара рыдырбалеит иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла

Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 45 513-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 37 805-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 602-а.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 3 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 739-ы, урҭ рахьтә 409-ы аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 58-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 11-ҩык, ибжьаратәуп - 47-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык, урҭ рахьтә 17-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 7-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 25-ҩык, урҭ рахьтә ҩыџьа рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәаҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп 16-ҩык ачымазцәа.