АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik. Абаақыҭ инхоз Гогита Гулуа, 2009 шықәса ԥхынҷкәын 13 инаркны 2010 шықәса ԥхынҷкәын 29 рҟынӡа Гал араион аҿы арҳәрақәеи ақәыларақәеи дрылахәын ҳәа агәызҩара ззыҟоу даанкылоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Гулуа иганахь ала ашьаусҭҵаара хацыркуп.
Заанаҵтәи аусҭҵаарала ишьақәыргылоуп 2009 шықәса ԥхынҷкәын 13 азы Гулуа Г, Бицаӡе Т. Н., Ӡанӡаа Д. В., Ӡанӡаа А. С., Читаиа О. Г. заанаҵы еилацәажәаны Гал араион Шьашьикәара ақыҭанхаҩ иқәлан иргеит аԥара, абзазаратә техника, ацәамаҭәа, 300 кьыла араса. Ақәылара зуыз аԥшәма имашьына "Газель" ала ибналеит.
Иара убри амш азы дара зегьы ақыҭаԥҳәыс илықәланы ддырҳәит. Иргеит аԥара, ахатәымаҭәа, ахьымаҭәа, абзазаратәии анхамҩатәии атехника, 200 кьыла араса.
Ажьырныҳәа 14 2010 шықәсазы Гулуа Г. В., Ӡанӡаа Д. В., Бицаӡе Т. Н., Ӡанӡаа А. С., Антиа М. М., Читаиа О. Г. аиҭақәылара мҩаԥганы аԥареи ахьымаҭәеи рӷьычит.
Ԥхынҷкәын 29 2010 шықәсазы дара абарҭ ахаҿқәа бџьарла рҽеиқәыршәаны аԥара, 150 кьыла араса, анхамҩатә, аргыларатә, абзазаратә техника, ахатәымаҭәа, амобилтә ҭелқәа, автомашьына ВАЗ-2106 рӷьычит Гал араион Реп ақыҭан.
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы дара ашьаустә ҭакԥхықәрақәа ирыҵаркын, Гулуа ида.
2022 шықәса ажьырныҳәа 21азынӡа дыбналаны дыҟан.
Уажәы Гулуа даанкылоуп.