Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ААР Гал иааныркылеит анаркотикатә матәашьар здырбалаз

© Sputnik / Томас ТхайцукМилиция
Милиция - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2022
Анапаҵаҩра
Амилициа аусзуҩцәа иааныркылаз ацәгьоуцәа аҭиираз имазеиз 8 граммк аметадон рымырхит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 7 - Sputnik. Анаркотикқәа закәаншьаҭада аахәара, аҭира, аҵәахра, амҩангара, аныҟәгара рзы ашьаус хацыркуп Мурман Лемонджавеи Ҭемыр Зыхәбеи рганахь ала. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рпесс-маҵзура.
Аԥсны ААР ашьаусԥшаара аҟәша аусзуҩцәеи аҩнуҵҟатәи аусқәа рзы аминистрра Галтәи аҟәша русзуҩцәеи дааныркылеит арҩашьыгатә маҭәашьар методон згәылаз аилаҳәыра хәыҷқәа фба здырбалаз Ҭемыр Зыхәба.
Зыхәба иажәақәа рыла, 8 граммк иҟоу анаркотикатә маҭәашьар аԥхьанатә Гал инхо Мурман Лемонджава иааихәеит аҭиразын.
Аусбарҭа амаҵзура ишазгәанаҭо ала, Лемонджава деицырдыруеит акриминалтә хыԥша змоу Мурман Галтәи ҳәа.
Лемонджава 4 граммк анаркотикатә маҭәашьар Зыхәба ииҭеит 150 нызқьмааҭ ҳәа аҭиразы.
Гал араион аӡбарҭа аӡбрала ацәгьоуцәа анкылан ҩымз аҭакра рықәҵоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0