Наталиа Поклонскаиа Россотрудничество ахада ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп

2020 шықәса рашәарамза аахыс Россотрудничество ахадас дыҟоуп Евгени Примаков.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 3 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин иусԥҟала Россотрудничество ахада ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп Наталиа Поклонскаиа.

Иара убас, Путин Поклонскаиа Кабо-Верде цҳаражәҳәаҩыс дахьыҟаз аҟынтәи лхы дақәиҭитәит.

Жьҭаара 13 2021 шықәсазы Наталиа Поклонскаиа Кабо-Верде иҟоу азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩс дҟаҵан.
Ажьырныҳәа 19 2022 шықәсазы Наталиа Поклонскаиа хаҭалатәи лҭагылазаашьақәа рҽырԥсахит аҟнытә лнапынҵақәа рынагӡаразы Кабо-Верде дымцаӡеит.