Аԥсны

Аҟәатәи ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы акарантин аҿҳәара иацҵоуп

Аҳҭнықалақь аҵара-ааӡаратә усбарҭақәа акарантин рылаҳәоуп ажьырныҳәа 27 раахыс.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 4 - Sputnik. Аҟәатәи ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы акарантин жәабран 11 рҟынӡа иацҵоуп, абри азы аусԥҟа инапы аҵаҩит Аҟәа ахада Беслан Ешба.
Аҟәа ақалақь ахадара аҵара аусбарҭа иҟарҵаз ааԥхьара азгәаҭаны аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп.
Иара убас акарантин рылаҳәоуп Аҟәеи, Гәдоуҭеи, Гагреи рраионқәа рҵара-ааӡаратә усбарҭақәа рҟны.