Аԥсны

"Аԥсны жәлар рыфронт" Гал ахьӡала акандидат дықәдыргылоит

Аӡбра рыдыркылеит араион ахадараҿ имҩаԥысыз апартиа аизара ду аҿы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 4 – Sputnik. Апартиа "Аԥсны жәлар рыфронт" ахантәаҩы Лаша Сақаниа Гал ахьӡала аизара ду аҿы бжьеицҿакла Апарламент ахь кандидатс дықәдыргылеит ҳәа аанацҳауеит апартиа апресс-маҵзура.

Аӡбра рыдыркылеит араион ахадараҿ имҩаԥысыз апартиа аизара ду аҿы. Сақаниа Галтәи алхырҭатә ҭыԥхада №35 аҟны кандидатс дықәгылоит. Макьаназ Аԥсны АКХ аполитик ашәҟәы иҭагалараз акгьы рымҳәацт.

Аизара ду аделегатцәа араион аҿы "Аԥсны жәлар рыфронт" аихшьаалақәа ҟарҵеит. Иара убас, аихшьаала ҟаҵан Сақаниа ишьаҭеиркыз агәыҳалалартә фонд "Абхазия" аусурагьы.