АҞӘА, жәабран 4- Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Иҷыдоу аҭагылазаашьа ахсаалала Тҟәарчал араион ахь афымцалашара нашьҭуп, абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
Араион егьырҭ ахәҭақәа рҿы алашара аныҟало атәы макьаназ иазгәаҭам. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит.
Астанциаеиҵа "Тҟәарчал ГРЕС" амашәыр ашьҭахь ицәеит. "Амшынеиқәафымцамч" иазгәанаҭеит амаругақәа ааха ӷәӷәа шроуз. Астанциаеиҵа "Тҟәарчал ГРЕС" аиҩкаақәа руак аусура еиԥҟьеит.