Аԥсны

Аҟәа амҩақәа руак ҿыц акаҭран ықәҵатәхоит

Аҟәа иалсуа Џьонуа, Гәлиа, Абазақәа рымҩақәа рҿы аиҭашьақәыргыларақәа мҩаԥысуеит 2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Аԥсны Акапиталтә ргыларазы аусбарҭа иаднамкылаӡеит Аҟәа ақалақь Гәлиа имҩаҿы акаҭран ашьҭаҵаразы имҩаԥгаз аусурақәа, анардадаҩ уи зегь ықәхны ҿыц ишықәиҵо ҳәа ажәа риҭеит, абри атәы аанацҳауеит "Абаза ТВ" арепортаж.
Џьонуа, Гәлиа, Абазақәа рымҩақәа рҿы аиҭашьақәыргыларақәа рынардадаҩс иҟоуп аилахәыра "Аԥснырегионргылара". Аҿаҵаҩы - Аԥсны Акапиталтә ргыларазы аусбарҭа. Аусурақәа рымҩаԥысшьа иахылаԥшуеит Аҟәа ақалақь ахадара.
Аҟәа ақалақь ахадара акоммуналтә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба иажәақәа рыла, Ашықәс ҿыц аламҭалаз Гәлиа имҩаҿы акаҭран ашьҭаҵаразы рҽазыҟаҵара иаҿын, аха анардадаҩцәа абитум аагаразы ауадаҩрақәа рызцәырҵит. Акаҭран шьҭарҵеит Сахарови Абазақәеи рымҩақәа ирыбжьанакыз амҩа ахҵәахаҿы, аха хара имгакәа ара амҩа аҭаԥыҽҽра иалагеит.
Уажәазы еилкаам Аҟәа амҩақәа реиҭашьақәыргылара анхыркәшахо, избанзар "Аԥснырегионргылара" аусзуҩцәа акарантин ахь ишьҭуп.
Аҟәа иалсуа Џьонуа, Гәлиа, Абазақәа рымҩақәа рҿы аиҭашьақәыргыларақәа мҩаԥысуеит 2020-2022 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аремонт усурақәа рҳәаа иҭагӡаны иԥсахуп акоммуникациатә ҳақәа, аӡымҩангага, ақәаршыҩцарҭақәа.
Гәлиа имҩа аура 1200 метра иҟоуп, иазоужьуп 48 миллион мааҭ, Абазақәа рымҩа аура 686 метра иҟоуп, 38 миллион мааҭ азоужьуп, Џьонуа имҩа аура 1350 метра иҟоуп, иазоужьуп 66 миллион мааҭ.