Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҿы иҭарҩит адепутатрахь акандидат дықәзыргыло даҽа гәыԥк

Апарламент ахь адепутатцәа ықәзыргыло аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара хыркәшахоит жәабран 10 рзы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 5 – Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҿы жәабран 5 рзы ашәҟәы иҭаргалеит адепутатразы акандидат дықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥк.
АКХ адыррақәа рыла, аԥшьгаратә гәыԥ дықәнаргылоит:
Аҩӡба Беслан Иван-иԥа - 2-тәи алхратә ҭыԥ хада (Аҳабла ҿыц).
Жәабран хәба рзы иҟоу аҭагылазаашьала АКХ аҿы иҭаҩуп аԥшьгаратә гәыԥқәа 115, аполитикатә партиақәа хәба. Асиа зегьы шәаԥхьар шәылшоит абра.
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәса рзы, иалххоит 35-ҩык адепутатцәа.
Апарламент ахь адепутатцәа ықәзыргыло аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара мҩаԥысуеит жәабран 10 рҟынӡа. Адепутатразы акандидатцәа ҭарыҩраны иҟоуп жәабран 10 инаркны хәажәкыра 2 рҟынӡа.