Аԥсны

Риҵатәи апарк аҭааҩцәа рзы иаадыртит

Апарк ажьырныҳәа 31 раахыс иаркны иҟан асыԥса леиуеит ҳәа иҟаз ашәарҭара иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnk. Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аадыртит жәабран 5 рзы. Абри атәы апарк анапхгара иаарыцҳауеит Instagram аҿы иҟоу рдаҟьаҟны.
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк анапхгара адырра ҟарҵеит хаха раахыс Риҵаҟа узго амҩа ианаҳалаз асыԥсақәа шыдрыцқьаз.
Иара убасгьы дара аҳәара ҟарҵоит аҭааҩцәа ргәырҽанызарц, избанзар аԥсабара иҟанаҵо уздырӡом.
Риҵатәи апарк ажьырныҳәа 31 раахыс иаркны иҟан асыԥса леиуеит ҳәа иҟаз ашәарҭара иахҟьаны. Ара илеиз асы азеиԥш ҿыгҳара 2,5 метра еиҳан.