Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Алхратә комиссиа хадаҿы иҭарҩхьеит адепутатрахь акандидатцәа раԥшьгаратә гәыԥқәа 116

Апарламент ахь адепутатцәа ықәзыргыло аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара хыркәшахоит жәабран 10 азы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 7 – Sputnik. Алхратә комиссиа хада (АКХ) аҿы иҭарҩхьеит Аԥсны Апарламент ахь адепутатразы акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа 116.
Ашәахьа, жәабран 7 азы аԥшьгаратә гәыԥк ашәҟәы иҭарҩит:
Смыр Џьон Васили-иԥа - 19-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада ала (Гәдоутатәи аҩбатәи ақалақьтә).
Апарламент ахь адепутатцәа ықәзыргыло аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара хыркәшахоит жәабран 10 азы. Адепутатразы акандидатцәа рҭаҩра иалагоит жәабран 10 инаркны, ихыркәшахоит хәажәкыра 2 азы.
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәса азы, иалххоит 35-ҩык адепутатцәа.