Чехиа ахада НАТО ар Украинаҟа рынашьҭра дақәшаҳаҭым

Аҵыхәтәантәи аамҭазы Мраҭашәара ааҟәымҵӡакәа Урыстәыла "агрессиа" мҩаԥнагоит ҳәа ахара адырҵоит, убри аан аҳәаақәа рзааигәара иаҳа-иаҳа НАТО ари атехникеи аҽарҭбаауеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 7 – Sputnik. Чехиа ахада Милош Земан иҳәеит чехиатәи аруаа Украинаҟа ишынаимышьҭуа, уи НАТО иахьалам азы.
Прагатәи ателеканал CNN Prima News аҿы Земан азҵаара иҭан атәыла ар Украинаҟа рцара дақәшаҳаҭу дақәшаҳаҭму ҳәа.

"Сара аруаа Украинаҟа рынашьҭра сақәшаҳаҭым, избанзар иахьатәи аҭагылазаашьа злаҟоу ала абџьар ахьеҩхьеҩ ахгара ауп иаанаго. Сгәаанагарала Украина НАТО иалам, ус анакәха, уахь ар рынашьҭрагь ҵаҵӷәыдоуп", - иҳәеит аҭакс Земан.

Иара иажәақәа рыла, НАТО аилазаарахь аграждантә еибашьра ахьцо атәылақәа аднакылом.
"Украина акәзар аибашьра цоит, уажәазы иҭынчразаргьы. Мрагыларатәи атәыла ахәҭаҿы аҽа политикатә структуроуп еиҿкаау мраҭашәаратәи Украинаҿы аасҭа", – иҳәеит ахада.
Чехиа аиҳабыра ар Украинаҟа рышьҭраз рыӡбара далацәажәо, Земан иҳәеит ареспублика иажәхьоу агаубицақәа "Дана" шықәырго, економистк иҳасабалагьы урҭ ҳамҭас Украина раҭара ацынхәрас ираархәазар еиӷьны ишибо.
Киеви Мраҭашәареи ааҟәымҵӡакәа Урыстәыла "агрессиа" мҩаԥнагоит ҳәа ахара адырҵоит. Урыстәыла акәзар, уи аҭакс аӡәгьы иқәлара агәы ишҭам атәы аҳәоит.
Медведев: аибашьра аҽацәыхьчараз аицәажәара аҭахуп