Чехиа, Словакиа, Австриа рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа Донбасс иаҭааит

Украина адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭала европатәи аполитикцәа арахь иааит Украина ишадгыло аадырԥшырц.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 7 – Sputnik. Чехиа, Словакиа, Австриа рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа Донбасс иаҭааит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Украина ААР аминистр Дмитри Кулеба иажәақәа шьаҭас иганы.

"Сколлегацәа, Чехиа, Словакиа, Австриа рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа Лугансктәи ақыҭа иаҭааны иҟоуп. Уа дара рыблала ирбоит Урыстәыла ақәылара ахҟьаԥҟьақәа", - иҳәеит Кулеба абрифинг аҿы.

Украинаҟа Иан Липавски (Чехиа), Александер Шалленберг (Австриа), Иван Корчок (Словакиа) ҩымш ҳәа иааит.
Украина бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара ахы акит 2014 шықәсазы.
Урыстәыла аимак ишалахәым азы изныкымкәа аҳәамҭа шыҟанаҵахьоугьы Киев Москва аҩнуҵҟатәи аусқәа ахы рыланагалеит ҳәа иқәгылоит.
ДЖәР ААР аҿы аҳәамҭа ҟарҵеит Киев мраҭашәаратәи абџьар Донбасс ахы ианархәеит ҳәа
Донбасс аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара аинырратә гәыԥ аиԥыларақәа раан иалацәажәоит. Уи шьаҭаны иамоуп 2015 шықәса рзы анапы зҵаҩыз Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа.
Урыстәыла агәҭынчымра аанарԥшуеит мраҭашәаратәи атәылақәа украинатәи аган иарҭо ацхырааразы. Дмитри Кулеба иҳәамҭала аҵыхәтәантәи амзақәа рыҩнуҵҟа Киев иаҭоу ацхыраара ахә миллиардки бжаки доллар инаӡоит.
Лавров: Донбасс аибашьра мҵысыртә аҟаҵара алшоит, иагьаҭахуп