Аԥсны

Очамчыра араион ашколқәа жәабран 14 рҟынӡа акарантин иҟазаауеит

Очамчыра араион ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи акарантин ахь ишьҭын ажьырныҳәа 27 азы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 7 – Sputnik. Очамчыра араион ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи акарантин иҟазаауеит жәабран 14 рҟынӡа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада и.н. Артемон Габелаиа.
Габелаиа иҳәеит уи зыхҟьо аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахьшәарҭоу шакәу.
Ажьырныҳәамза анҵәамҭазы Аҟәатәи ашколқәа жәабран 4 рҟынӡа иадыркит, нас жәабран 14 рҟынӡа аҿҳәара инахеит. Жәабран 14 рҟынӡа иаркуп Гәдоуҭеи Гагреи рышколқәагьы.
Ареспубликаҿ иалаҵәаз аштамм "омикрон" ашәарҭара иаҿырԥшны асеиԥш ауснагӡатәқәа рыдкылоуп.
Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 46 368-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 38 203-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 602-ҩык.
Аԥсны
Аҟәатәи ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҿы акарантин аҿҳәара иацҵоуп