Урыстәылатәи аҵаақәшьқьрҩцәа атәыла еизгоу акоманда Аолимпиадаҿы актәи аҭыԥ ахь инаргеит

Пекин, жәларбжьаратәи аицлабрақәа рҿы урыстәылатәи аспортсменцәа Урыстәыла Аолимпиадатә еилакы абираҟ иаҵагыланы иқәгылоит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 7– Sputnik. Урыстәылатәи аҵаақәшьқьрҩцәа еизгоу акоманда Пекинтәи Аолимпиадаҿы атәыла актәи аҭыԥ ахь инаргеит амедалтә зшьарала ҳәа аанацҳауиет РИА Новости.
Анастасиа Мишинеи Александр Галлиамови шкаҳазгьы аицқәшьқьрааратә қәгылараҿы актәи аҭыԥ агара рылшеит. "Аҵааҿы акәашара" адисциплинаҿы аиааира ргеит Викториа Синицинеи Никита Кацалапови. Марк Кондратиуки Камила Валиевеи актәи аҭыԥ ргеит аҳәсеи ахацәеи аӡәаӡәалатәи рықәгылараҿы.
Урыстәыла раԥхьатәи ахьтәы медал иаиааит Пекин имҩаԥысуа Аолимпиадаҿы
Акомандатә турнир ала урыстәылатәи аспортсменцәа 74 балл ргеит, аҩбатәи аҭыԥ ЕАА аспортсменцәа (65 балл), ахԥатәи – Иапониатәи аспортсменцәа (63 балл).
Урыстәылатәи аҵаақәшьқьрцәа еизгоу акоманда Пекинтәи Аолимпиадаҿы атәыла актәи аҭыԥ ахь инаргеит амедалтә зшьарала аолимпиада иаалагазар урыстәылаа ахьтәы медалқәа ҩба, араӡны медалқәа ҩба, аџьаз медалқәа ҩба роухьеит. Ареитинг аҿы аҩбатәи аҭыԥ ныркылеит норвегиаа (ахьтәы медалқәа ҩба, аџьаз медалқәа акы), ахԥатәи – швециаа (ахьтәы медалқәа ҩба).
Аҵаақәшьқьрааразы акомандатә еицлабрақәа хынтәуп Аолимпиадаҿы имҩаԥыргоижьҭеи. Урыстәылатәи акоманда раԥхьаӡа акәны ари адисциплинаҿы ахьтәы медал роуит 2014 шықәсазы, Шәача, 2018 шықәсазы Пхенчхан аспортсменцәа араӡны медал ранашьахеит.
Аԥсны
Аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа Пекин ишаартыз