Урыстәыла раԥхьатәи ахьтәы медал иаиааит Пекин имҩаԥысуа Аолимпиадаҿы

© Sputnik / Павел Бедняков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОлимпиада-2022. Лыжные гонки. Мужчины. Скиатлон
Олимпиада-2022. Лыжные гонки. Мужчины. Скиатлон - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2022
Анапаҵаҩра
Аӡынтәи Аолимпиада Пекин имҩаԥысуеит жәабран 4-20 2022 шықәса рзы.
АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Ашәаҩаҵшьҩы Александр Большунов Аӡынтәи Аолимпиада - 2022 аҿы Урыстәылазы раԥхьатәи ахьтәы медал даиааит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Урыстәылатәи аспортсменцәа аскиатлон аҿы еиԥхныҩларак аан ҩ-медалк ргеит: 25 шықәса зхыҵуа Большунов зегь раԥхьа днеит 30 километра иҟаз амҩа 1 сааҭки 16 минуҭи 9,8 секундки рыла дахысны, иара иқәла Денис Спицов иара дишьҭагыланы дааит 1 минуҭки 11 секундки рыла даҵаханы.
Урыстәыла ахада Владимир Путин Большунов идиныҳәалеит "Пекин имҩаԥысуа Аӡынтәи аолимпиатә хәмаррақәа рҿы ахьӡ ахьигаз", иара убас "иуадаҩыз аиԥхныҩлараҿы дахьаиааиз".
Большунов изы ари раԥхьатәи аолимпиатә хьтәы медалуп. Аолимпиада-2018 аҿы иара хынтә араӡны даиааит, знык - аџьазтә. Уи адагьы иара Адунеи Ахраҿа ҩынтә даиааихьеит, "Тур де Ски" захьӡу мшырацәа имҩасуа аиԥхныҩлара даиааихьеит, аскиатлон азы иахьатәи адунеи дачемпионуп. Уажәтәи асезон азы Большунов Адунеи Ахраҿаҿы аҩбатәи аҭыԥ ааникылоит.
Уажәазы Урыстәыла пекинтәи аолимпиадаҿы иаиааихьеит хьтәы медалк, араӡны медалқәа ҩба, џьазтә медалк. Амедалқәа рзеиԥш хыԥхьаӡарала ахԥатәи аҭыԥ ааннакылоит.
Церемония открытия Олимпиады в Пекине - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2022
Аԥсны
Аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа Пекин ишаартыз
Ажәабжьқәа зегьы
0