Урыстәыла аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит аракетатә комплексқәеи акәылӡтәтехникеи алархәны

Аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратәбаза ахысырҭадәқәа рҿы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik. 30 инареиҳаны ҩ-ганктәи арота-тактикатә зыҟаҵарақәа мҩаԥгахоит аракетатә комплексқәеи акәылӡтәтехникеи алархәны Аладатәи арратә округ аҿы. Аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база ахысрадәқәа рҿгьы ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп, аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа 15 хысырҭадәқәа рҟны – Волгоградтәи аобласт, Ставропольтәи атәылаҿацә, Адыгеиа, Чечниа, Даӷьесҭан, Ҟарачы-Черкесск, Ингушетиа, Нхыҵ Уаԥстәыла, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны.

Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит иааиуа ахымчыбжь рыҩнуҵҟа, аиҳаракгьы уахынлатәи аамҭазы.

Ахархәара рыҭахоит арратә авиациеи авертолиотқәеи.
Ҽазыҟаҵара цыԥхьаӡа 400-400-ҩык аррамаҵзурауааи 80-80 ак арратә техникеи алахәхоит, атанкқәа Т-72Б3, ашьаҟауаа рмашьынақәа БМП-3, акәылӡтранспортерқәа БТР-82А, аракетатә комплексқәа "Корнет", "Хризантема-С", еиуеиԥшым артиллериатә шьақәгылақәа, ахысгатә бџьар уҳәа налаҵаны.
Аԥсны
Аԥсны иҟоу ААО аррамаҵзурауаа жәларбжьаратәи арратә еицлабрақәа АрМИ-2022 рҽырзыҟарҵоит