Аԥсны

Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит ахаша жәабран 9 азы

"Аӡыканал" имҩаԥнаго арҽеиратә усурақәа ирыхҟьаны Аҟәа ахәҭаки Баслаҭа ақыҭеи ӡыда иаанхоит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik. Аҟәа ахәҭак ауааԥсыра ӡыда иаанхоит асааҭ 01:00 - 17:00 рзы ахаша жәабран 9 азы, абри атәы аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".

Аамҭала ӡыда иаанхоит Турбаза инхо ауааԥсыра (уахь иаҵанакуеит Аԥсилаа, аиашьцәа Занҭариаа рымҩақәа), иара убас Ҷанба амҩеи Баслаҭа ақыҭеи.

Аӡы аанкылахоит Кьалашәыртәи аӡыҭгагатә станциа хада №3 аҟны аӡымҩангага аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны.