АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik. Ахәыҷқәа "омикрон" рыдубалар алшоит ҩымшҟа рышьҭахь ачымазара анрыхьлак. Абри атәы РИА Новости иазеиҭалҳәеит Г.Н. Габричевски ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи Москватәи ринститут аклиникатә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩ Татиана Руженцова.
Лара лажәақәа рыла, ачымазара аҟазшьақәа убарҭахоит аҩбатәи ахԥатәи амшқәа рзы, аха иҟалалоит ианахыҳәҳәогьы.
Руженцова илҳәеит, уажәы аиҳарак ичмазаҩхо 7-14, 15-17 шықәса зхыҵуа шракәу, урҭ активла реинырра иахырҟьаны.
Руженцова уаанӡа илҳәахьан "омикрон" ахәыҷқәа еиҳа имарианы ишырхырго. Ахәшәтәырҭахь инанаго х-процентк ишреиҳам.