Аҳақьым ахәыҷқәа "омикрон" анышьҭыркаауа атәы далацәажәеит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛечение детей с COVID-19 в ГБУЗ "ДГКБ им. З.А. Башляевой"
Лечение детей с COVID-19 в ГБУЗ ДГКБ им. З.А. Башляевой - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.02.2022
Анапаҵаҩра
Анализ зызуу иҟоу адыррақәа иаадырԥшуеит аҷкәынцәагьы аӡӷабцәагьы акоронавирус еиԥшны ирыхьуеит ҳәа.
АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik. Ахәыҷқәа "омикрон" рыдубалар алшоит ҩымшҟа рышьҭахь ачымазара анрыхьлак. Абри атәы РИА Новости иазеиҭалҳәеит Г.Н. Габричевски ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи Москватәи ринститут аклиникатә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩ Татиана Руженцова.
Подготовка к Рождеству в Мадриде - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2022
"Омикрон" иаҵоу даҽа шәарҭаракгьы аӡбахә рҳәеит
Лара лажәақәа рыла, ачымазара аҟазшьақәа убарҭахоит аҩбатәи ахԥатәи амшқәа рзы, аха иҟалалоит ианахыҳәҳәогьы.
Руженцова илҳәеит, уажәы аиҳарак ичмазаҩхо 7-14, 15-17 шықәса зхыҵуа шракәу, урҭ активла реинырра иахырҟьаны.
Руженцова уаанӡа илҳәахьан "омикрон" ахәыҷқәа еиҳа имарианы ишырхырго. Ахәшәтәырҭахь инанаго х-процентк ишреиҳам.
Ажәабжьқәа зегьы
0