Блинкен иҳәеит ашәарҭадараз Америкеи Евроеидгылеи шазыхиоу Урыстәыла аҿцәажәара

Европатәи аконтинент аҿы ашәарҭадара азҵаара иахьазы акыр иҵарны иқәгылоуп, аиҳаракгьы НАТО Мрагыларатәи Европаҿы аҟазаара иахҟьаны.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik. Америкеи Евроеидгылеи ргәы иҭоуп Европа ашәарҭадаразы Урыстәылеи дареи аиҿцәажәарақәы рымҩаԥгара ҳәа иҳәеит Еиду аштатқәа рҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен ЕЕ Ахеилак – ЕАА реилатәара ашьҭахь имҩаԥысуаз апресс-конференциаҿ. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ашәарҭадара азҵаарақәа рыла Урыстәылеи ҳареи аиҿцәажәарақәа хықәкыс иҳамоуп. Уи атема аҩ-ганкгьы агәҭынчымра рнаҭоит. Адипломатиатә мҩа шхымԥадатәу еилкаауп". - ҳәа иҳәеит иара.

Ус шакәугьы америкатәи адипломат иациҵеит Урыстәыла Украина аганахь ала агрессиа иацәхьаҵроуп, ус анакәымха уи ахҟьаԥҟьақәа аиуеит ҳәа.
Ааигәа Сергеи Лаврови Ентони Блинкени реицәажәара абри азҵаараҿ лҵшәа дук амоуит. Урыстәыла изныкымкәа аҳәамҭа ҟанаҵахьеит Украина иажәларц агәы ишҭам, иҟоу зегь зыҟоу Донбасстәи аимак аҭышәныртәалара аӡәгьы иахьиҭахым ауп ҳәа.
Макрон: Европа ашәарҭадараз ак заҵәык иаҭаху аиҿцәажәара ауп