Аԥсны

Бжьаниа иҽыхәшәтәра хыркәшаны Аҟәаҟа дхынҳәит

Ажьырныҳәа 24 азы Аԥсны ахада иҷаҷа ԥырҟеит урыстәылатәи ахәшәтәырҭақәа руак аҿы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 8 - Sputnik. Жәабран 7 ауха Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҽыхәшәтәра хыркәшаны Аҟәаҟа дхынҳәит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Ахада игәабзиара ҭышәынтәалоуп.
Апресс-маҵзура адыррақәа рыла, Аслан Бжьаниа уажәы аусутә еиԥыларақәа мҩаԥигоит иофициалтә резиденциаҿы.