Урыстәыла ААР: америкатәи азакәанԥҵаҩцәа иҟоу лабҿаба ирбаӡом

Вашингтони Бриуссельи изныкымкәа Урыстәыла иаҿагыло асанкциа ҿыцқәа алаагалоит Украина аҭагылазаашьа еибарххар ҳәа аҳәамҭақәа ҟарҵахьеит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik. Америкатәи аполитикцәа Урыстәыла иаҿагыланы имҩаԥырго адәныҟатәи аполитика дара ршәарақәа ҵаҵӷәыс измоу аӡбрақәа рыдыркылоит ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Александр Панкин.

"Зегьы еицырдыруеит америкатәи азакәанԥҵаҩцәа иҟоу лабҿаба ишырымбо, ирбарцгьы шырҭахым, рхатә цәшәарақәа рыҽрылахаланы ишынхо, Урыстәыла аанкыларазы хызмам апланқәа шеиқәдыршәо", - иҳәеит Панкин.

Адипломат иазгәеиҭеит, Москва америкатәи Капитолиа аҿы зхыҵхырҭақәа ыҟоу Урыстәыла иаҿагыло аԥкрақәа рызхьаԥшра ахәҭаны ишамшьо.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра изныкымкәа иазгәанаҭахьеит Урыстәыла "асанкциатә бызшәала" ацәажәара лҵшәа шамам, мраҭашәаратәи аҩызцәа ргәазыҳәарақәа шынанамыгӡо.
Макрон: Европа ашәарҭадараз ак заҵәык иаҭаху аиҿцәажәара ауп
Панкин иара убасгьы иазгәеиҭеит, асанкциақәа алазгало атәылақәа рхаҭақәа рзы рацәак ишгәыҟаҵагамхо.
"Ибзиаӡаны еилаҳкаауеит зхы зтәу тәылак ари аҩыза аҭагылазаашьа аҿиара шаҭахым, уи азы Урыстәыла акәша-мыкәша аинформациатә қәыӷәӷәара амҩаԥгара аҽазышәарагьы "украинатәи асиужет" иаҵганы ҳахәаԥшуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Уаанӡа Евроеидгыла ахада Шарль Мишель иҳәахьан Урыстәыла "агрессиатә хымҩаԥгашьа" еиҭанамкыр Евроеидгыла аԥкрацҵақәа аланагалар акәхоит ҳәа.
Амаҵзура Блумберг аинформациала асанкциақәа ирыҵаркыр ҟалоит еиҭаркуа авалиута, абанктә система SWIFT ахархәара аԥкра, атауарқәа римпорти рекспорти.
Панкин РИА Новости аинтервиу аҭо иҳәеит, Урыстәыла шгәыӷуа жәларбжьаратәи афинанстә система ааха азҭо асанкциақәа адҟарҵаларым ҳәа.
Блинкен иҳәеит ашәарҭадараз Америкеи Евроеидгылеи шазыхиоу Урыстәыла аҿцәажәара
"Хшыҩҵакык змам Вашингтон аҭахрақәа рҟәаҵреи Бриуссель ахаҿы ахшыҩ аҟазаареи ҳреигәыӷьуеит. Асанкциақәа раԥхьа иргыланы жәларбжьаратәи афинанстә система ҵыршәаауеит, ааха аиуеит адунеитә економика", - ҳәа иҳәеит адипломат.
Америкатәи асанкциақәа ракәзар рыпроект ажьынрыҳәамза анҵәамҭазы Аконгресс ахь инашьҭын: уа иарбан "Северный поток-2" аҿагыларатә уснагӡатәқәа, аҳәынҭуал, аҵхырҭатә индустриа, атәыла ахадеи актәи ахаҿқәеи рҿагылара.
Ааигәа Сергеи Лавров иазгәеиҭеит: Урыстәыла изныкымкәа аҳәамҭа ҟанаҵахьеит Украина иажәларц агәы ишҭам, иҟоу зегь зыҟоу Донбасстәи аимак аҭышәныртәалара аӡәгьы иахьиҭахым ауп, Киев Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа еиланагоит ҳәа.