АҞӘА, жәабран 9– Sputnik. Авирус омикрон-штамм марианы иухугаргьы, ачымазара ашьҭахь аҳақьым идҵаалазар бзиоуп уҭагылазаашьа аилкааразы. Абри атәы амаҵзура "Прайм" иазеиҭалҳәеит Отрадное иҟоу аклиникатә хәшәтәырҭа Медси аҟәша аиҳабы Александра Зыкова.
Аҟазауаҩ илҳәеит аҳақьым иахь хымԥада ишнеитәу ужьышәақәа анухьуа, умч анмаҷу, ахыхь анумоу, улеи улымҳаи ианрыгу.
Аексперт лажәақәа рыла, аиҭашьақәгылара мышқәак инадыркны шықәсыбжакынӡа уагар алшоит.
Аамҭа мцарц азы аҽышьақәыргыларатә терапиа – ахәшәқәа, аполивитаминтә комплексқәа аҳақьым иабжьгарала иудукылалароуп ҳәа лҳәоит Зыкова.
Уи адагьы арыжәтә, ачаи, акаҳуа, аҭаҭын мап рыцәкызар шьахәуп.
Аҳақьым иара убасгьы илҳәоит аспорттә усхкқәагьы аамҭала ухы рцәыухьчар бзиоуп ҳәа, ачымазараани уи ашьҭахьи афатә аилыхра ахәҭоуп ҳәа.