АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. Аԥсны Амилаҭтә банк иҭнажьит зыхә дуум аметалл иалху агәаларшәагатә ԥараҿырпқәа "Аԥсны ахьычԥаԥырқәа".
Аԥараҿырпқәа рдиаметр 29 миллиметр иҟоуп, 25,1 грамм ркапануеит. Ԥараҿырпык х-аԥсарк ҳәа иԥхьаӡоуп.
Асахьаҭыхыҩ - Баҭал Џьапуа. Аԥараҿырпқәа сахьаны ирнуп Ажаԥшӡа аҟанҷ (Айлантовый шелкопряд), Олеандратә ахьшьԥарԥалыкь (Бражник олеандровый), Ашьхатә Аполлон (Аполлон), Ахыбаҩ ахьшьԥарԥалыкь (Бражник мертвая голова), Ажәҵыс ҵыхәа хьычԥаԥыр (Махаон), Абжьас ԥарԥалыкь (Медведица Гера), Аԥра хьычԥаԥыр (Подалири).
Уаанӡа Абанк иҭнажьхьан агәаларшәагатә ԥараҿырпқәа: “Абнацгәы” (лесная кошка - азгә.), “Аԥыҭҳәа” (рысь - азгә.), “Алышькьынтыр” (леопард - азгә.), рсахьа ҭихит Баҭал Џьапуа.
Аԥараҿырпқәа рҭиуеит ареспублика акредиттә еиҿкаарақәа.