Аԥсны

Галтәи ашколқәа жәабран 14 рҟынӡа акарантин ахь иҟоуп

Жәабран 8 рызтәи адыррақәа рыла Аԥсны акоронавирус рыдбалоуп 47 205-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 9 – Sputnik. Гал араион ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи араион ахада идҵала жәабран 14 рҟынӡа иаркхоит ҳәа аанацҳауеит Гал ТВ.
Араион аҵара аусбарҭа аиҳабы Екатерина Габелиаԥҳа ишылҳәо ала, амчыбжь аҩнуҵҟа иҵоуроу адинамика азгәаҭан, ичмазцәоу аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рчымазара уадаҩымкәа ирхыргоит.
"Иахьатәи адыррақәа рыла, арҵаҩцәа рыбжьара жәеизаҩык чмазцәоуп, аҵаҩцәа – ааҩык. Иҟоуп ашколқәа анадыркы ашьҭахь ичмазаҩхаз", - ҳәа лҳәоит Гал ТВ аинтервиу аҭо Габелиаԥҳа.
Жәабран 14 рҟынӡа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи аркуп Очамчыра, Аҟәа, Гагра араионқәеи Аҟәа ақалақьи рҿы.