Аԥсны

Иԥшәымадоу алақәа рзы ахкыдкыларҭа аадыртит Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан

Аҟәа ахадара ҩышықәса раԥхьа аргылара иалагеит хылаԥшрада игәароу алақәа рзы ахкыдкыларҭа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иԥшәымадоу алақәа рзы ахкыдкыларҭа аадыртит Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит уи анапхгаҩы Виола Берзениаԥҳа.
Аԥсны
Питертәи автобусқәа иҭынхадоу Аԥснытәи алақәа рсахьақәа рынҵаны иныҟәоит
"Иахьазы аштат аҿы иҟоуп аветеринари ҩыџьа аусуҩцәеи. Урҭ алақәа акрырҿарҵоит, рыҭрақәа дрыцқьоит. Шьыжьнаҵы уахь ҳхалоит. Раԥхьа рыҭрақәа дрыцқьоит, нас алақәа адәахьы идырныҟәоит. Макьаназ афатә ҷыда рҿаҳҵоит, аха нас ахәыҷбаҳчақәа рҟынтәи ацәынхақәа рзааҳгалоит", - лҳәеит лара.
Ахкыдкыларҭа ргылан ақалақь анапхгара рыбзоурала, убри аҟнытә иахәҭоу зегь рылагьы еиқәнаршәоит.
"Ақалақь ахадара ҳныҟәнагоит. Аха иҟоуп ахатәгәаԥхаҩцәагьы – ацхыраара ҳазҭо фатәылеи арыцқьараҿи. Уажәазы жәеиза леи быжь-ласбаки ҳамоуп. Иҟоуп ауааԥсыра зхашшаауаз алақәагьы", - ҳәа еиҭалҳәоит Берзениаԥҳа.
Аԥхьаҟа иазԥхьагәаҭоуп иԥшәымадоу алақәа мчыбжьык ахь знык ма ҩынтә еизганы арахь иаҳзаазго агәыԥқәа реиҿкаара.
Аҟәа иԥшәымадоу алақәа рышьра азин ыҟам
"Макьаназ аҭел иаҳзасуа рахь ҳнеиуеит. Иахьа аҩнусбарҭаҟынтә иасуан. Уа ала аласбақәа ариит. Ауаа ирзыҵҟьоит. Уажәы уахьынтә иаагоит", - лҳәеит лара.
Иара убас, Берзениаԥҳа иазгәалҭеит алақәа аԥшәмацәа шырзырыԥшаауа.
"Ахкыдкыларҭа асаит архиара ҳаҿуп. Афотосахьақәа ықәҳаргылоит. Аԥшәмацәа ззаҳаԥшаауагьы ыҟоуп, иҟоуп иҳархынҳәуагьы. Ҳлақәа руак ахьынтәаагаз араион ахь иҳархынҳәыр рҭахуп. Иара аласбақәа ирхыбааны ицҳауа иалагеит акәымзар уа инхоижьҭеи акырҵуан", - ҳәа лҳәеит лара.
Ахкыдкыларҭаҿ 16 лаҭра ыҟоуп, 50 ла акуеит. Аԥхьаҟа иҵегь аҽеиҵахра гәҭакыс иҳамоуп ҳәа лҳәеит Виола Берзениаԥҳа.