АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 541-ы, урҭ рахьтә 381-ы аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы иԥсҭазаара далҵит 87 шықәса зхыҵуаз ахаҵа. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ишьҭаз 67 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 75-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 12-ҩык, ибжьаратәуп - 63-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 43-ҩык, урҭ рахьтә 17-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 11-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 26-ҩык, урҭ рахьтә х-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы быжьҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп 15-ҩык ачымазцәа.