Пушкин ихьӡ зху Аинститут аҿы атермин "QR-код" рыԥсахырц ажәалагала ҟарҵеит

Аҳәаанырцәтәи атәылақәа ж́әпакы реиԥш Урыстәылагьы ауаа рацәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рахь анеиразы QR-код умазароуп, ари аус акоронавирус аламырҵәара иазырхоуп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 10 - Sputnik. Пушкин ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс бызшәа аинститут аҭҵаарадырразы аректор ихаҭыԥуаҩ Михаил Осадчи атермин "QR-код" "аграфикатә код" ала иԥсахзарц ажәалагала ҟаиҵеит. Иара игәаанагара арадио Sputnik аинтервиу анеиҭоз иҳәеит - QR-код урыстәылаа иугәамԥхаша ацәаныррақәа рызцәырнагоит, ҷыдалагьы атермин "QR-код" аганахьала.

"Атермин "QR-код" зегьы ирзеилкаауам. Иара англыз аббревиатуроуп – Quick Response Code ркьаҿны. Иаанаго "аҭак лас акод" ҳәа ауп. Ауаҩы изеилымкаауа зегьы агәамԥхара изцәырнагоит", - иҳәоит иара.

Аиҳараҩык ирзеилымкаауа атермин мап ацәкхар, апандемиа ицәырнагаз аԥкрақәа еиҳа ирыдыркылоит ҳәа дахәаԥшуеит Осадчи.
"Ажәеихырҿиаара аганахьала аурысцәа еиҳа ирзааигәоу атермин алагалатәны сахәаԥшуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Урыстәыла QR-кодқәа рыҭашьа ԥсаххоит жәабран 21 инаркны
QR-код "аграфикатә код" ҳәа ахьыӡҵазарц ажәалагала ҟаиҵеит афилолог.
"Ҳинститут аҿы ахархәара аҳҭоит атермин "аграфикатә код". Уи ҳхала иаҳхәыцит, ауаа аԥкрақәа рганахь агәамԥхара ланарҟәуеит ҳәа ҳахәаԥшуеит, уи азоуп изшәабжьааго", - ҳәа иҳәеит Михаил Осадчи арадио Sputnik аинтервиу аҭо.
QR-код Аԥсны ауааԥсыра ирырҭоит алаҵаҟаҵара ашьҭахь 2021 шықәса абҵарамзаахыс.
Пушкин ихьӡ зху аинститут 2021 шықәса ажәа хада аӡбахә аҳәеит