Путин: ЕАА-и НАТО-и ашәарҭадараз ахәдықәҵарақәа азинтә ҟазшьа рыманы иҟарҵарц алыршатәуп

Урыстәыла есышықәса жәабран 10 рзы Адипломатиатә усзуҩ Имш азгәарҭоит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 10 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Адипломатиатә усзуҩ Имш азы адныҳәалара ҟаҵо иҳәеит хымԥада ЕАА-и НАТО-и ашәарҭадараз ахәдықәҵарақәа азинтә ҟазшьа рыманы иҟарҵарц алыршатәуп ҳәа. Абри азы ателеграмма кьыԥхьуп Кремль асаит аҿы.

"Адунеи аҿы аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа аибарххарахь икылсуеит, ишәарҭахоит. Иҟоу ашәарҭарақәа алзмыршаша, астратегиатә ҭышәынтәалара еиҿызкааша аҽазышәарақәа аҭахны иҟоуп. Раԥхьа иргыланы ЕАА-и иара аҩызцәеи рҟынтәи ҳтәыла ашәарҭадара ҳақәгәыӷразы ахәдықәҵара иаҵагылароуп. Еиԥымҟьарада аус адулалатәуп жәларбжьаратәи азини Еиду амилаҭқәа реиҿкаара акоординациатә роль хадеи аԥыжәара рыманы ашьақәыргылара", - иҳәеит Путин.

Иара иазгәеиҭеит Урыстәыла адәныҟаполитикатә усбарҭа Аԥсадгьыл аҿаԥхьа амаҵ аураҟны аҭоурых ду шамоу, жәларбжьаратәи аренаҿы атәыла аинтересқәа иааиԥмырҟьаӡакәа ишахьчо, қәҿиарала апрофессионалтә уалԥшьа шынанагӡо. Инаҵшьны иазгәеиҭеит адипломатцәа рҽазышәарақәа арегионалтә еимакқәа рҭышәныртәалара ишацхраауа, адәныҟатә ҭагылазаашьақәа шдырманшәало.
Ахада агәыӷра ааирԥшит аминистрра ԥхьаҟагьы аусура Урыстәыла апозициақәа адунеи аҿы рырӷәӷәара ишацхраауазы. Адипломатцәа ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа, амаҵзура аветеранцәа – агәабзиара зҩыда.
Арадио
Ҳагба НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада иҳәамҭазы: ахьӡи ахаҿсахьеи аиқәырхара иадҳәалоуп
Ииасыз ашықәс ԥхынҷкәынмзазы Урыстәыла иакьыԥхьит Еиду Америкатәи аштатқәеи НАТО-и дареи ашәарҭадараз ахәдықәҵарақәа рзы реиқәшаҳаҭра апроект. Уи аҟны Москва ҷыдала ианнаҵеит мраҭашәаратәи рпартниорцәа уаанӡатәи асовет тәылақәеи дареи рырратә усеицура иаҟәыҵырц, дара рҵакырақәа рҿы арратә базақәа раԥҵара мап ацәыркырц, Урыстәыла аҳәаақәа рааигәара ажәыларатә хархәагақәа дмыргылаларц, Европантәи Америкатәи аиадертә бџьар ықәыргарц, НАТО мрагыларахь аҽшамырҭбаауазы ахәдықәҵара ҟанаҵарц, Қырҭтәылеи Украинеи алианс иалагаламхарц. Иазгәанаҭеит алианс Мрагыларатәи Европаҿы 1997 шықәсатәи апозициа иазыхынҳәыроуп ҳәа. Аамҭақәак рышьҭахь ЕАА-и НАТО-и Москва иазынарышьҭит Урыстәыла ажәалагалақәа рзы аҭак.