Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагба НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада иҳәамҭазы: ахьӡи ахаҿсахьеи аиқәырхара иадҳәалоуп

Ҳагба НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада иҳәамҭазы: ахьӡи ахаҿсахьеи аиқәырхара иадҳәалоуп
Анапаҵаҩра
Аҩада Атлантикатәи аидгыла амаӡаныҟәгаҩ хада Столтенберг иҳәамҭа Урыстәыла ар х-ҳәынҭқаррак рҟынтәи иалгатәуп ҳәа ахҳәаа аиҭеит арадио Sputnik аефир аҟны аполитолог Беслан Ҳагба.
Аҩада Атлантикатәи аидгыла ( НАТО) амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг иҳәамҭа Урыстәыла "Қырҭҭәылеи, Украинеи, Молдавиеи рҟынтәи ар алнагароуп" ҳәа ирџьбараны ақәҿиҭит асенатор Алексеи Пушков.
" Зегь раԥхьа иргыланы, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи – Қырҭтәыла акәӡам шьҭа, уаҟа инхо ажәларқәа, хазы иҟазар рҭаххеит, Косово инхоз реиԥш, НАТО усҟан Сербиа (ақәшаҳаҭума ҳәа) иазымҵааӡеит",- ҳәа аныиҵеит асенатор ителеграмм-канал аҟны.
Иара иажәақәа рыла, Приднестровиа иҟоу аурыс бжьаҟазаратә мчқәа ирыхьчоит аурыс тәылауаа иара убасгьы, арратә еимакы алдыршом, избанзар Молдавиа амчрақәа уи рхала ирзыҟаҵом. "Украина акәзар аурыс арбџьарымчқәа ыҟаӡам", - иҳәеит Пушков.
Аурыс сенатор НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада иабжьигеит зегь раԥхьа иргыланы рхы иахәаԥшырц, аапҳьара ҟарҵарц аҭырқәеи америкатәи арбџьарымчқәеи Сириа ралгаразы, иара убасгьы Косово.
Аҵыхәтәантәи амзақәа рзы Урыстәылеи Мраҭашәаратәи атәылақәеи реизыҟазаашьақәа иаҳагьы еибарххоуп. Вашингтони Бриуссели Москва ахара адырҵоит Украина "алалара" рҽазыҟарҵоит ҳәа, уи инамаданы Ҩада Европа рыҟазаара дырӷәӷәоит.
"…Столтенберг ииҳәаз ҳаналацәажәо, уи раԥхьа иргыланы иаанаго рхаҿсахьа аиқәырхароуп, избанзар аиҿагыларатә форма убриаҟара инаӡеит, уажәы иӷәӷәаны иаартны ихьаҵо иалагар (НАТО- азгәаҭа), ртәылақәа руааԥсыра ирарҳәои.
Иаартны ҳалацәажәозар, иаҳҳәап, Аԥсны , Аахыҵ Уаԥстәыла иара Приднестроивагьы, сара шьҭа ахааназы агәра сгаӡом, араҟа иҟоу аурыс арратә мчқәа ықәыргоит ҳәа. Ҳазлацәажәоз "иҟаԥшьу ацәаҳәа" ҳәа Урыстәыла ахыԥеит 2008 шықәсазы. Ари акрызҵазкуа ахҭыс ҳхамшҭлароуп, убри аганахьала Урыстәыла шьҭа ишхьамҵуа. Урыстәыла Лада Кавказ аинтересқәа даара иӷәӷоуп, иааныжьны иқәҵны ицоит ҳәа агәрагара даара иуадаҩуп. Столтенберг ицәажәарақәа иаадырԥшуеит мыцхәы ишаланагалаз рбоит, аха хьаҵшьас иҟарҵари рхаҿсахьеи рыхьӡи еиқәырханы. Арратә мчқәа алгатәуп ҳәа, дара ражәақәа рыла Урыстәыла "ампыҵахаларатә политика" ааныжьроуп ҳәа, уи аганхьала Путин дахьынӡыҟоу Урыстәылатәи Афедерациа имҩаԥырго аполитика Кавказ, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Приднестровие хьаҵра аиуӡом. Уи атәы Путин иаартны изныкымкәа иҳәахьеит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0