Аԥсны

Аҟәа араион абжьаратә школқәа акарантин ахь иҟазаауеит жәабран 21 рҟынӡа

Аҟәа араион ахадара аусԥҟала ашколқәа акарантин ахь ишьҭын жәабран ҩба рзы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 11 - Sputnik. Аҟәа араион абжьаратә школқәа рҟны акарантин аҽҳәара иацҵазарц азы аусԥҟа инапы аҵаҩит араион ахада Алхас Ҷыҭанаа ҳәа аанацҳауеит асаит.
Жәабран 14 инаркны 21 рҟынӡа ашколқәа рҟны акарантин аҽҳәара иацҵоуп.
Иалагалоу аԥкрақәа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахареи, аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рыбжьара аҿкы зыхьуа рхыԥхьаӡара ахьеизҳауа иахҟьеит.
Акарантин аамҭазы арҵаҩцәеи ашколқәа русзуҩцәеи рулафахәы шроуц ироуеит.
Иара убас, аҳҭнықалақьи, Гагреи, Гәдоуҭеи рҵаратә усбарҭақәа рҟны акарантин аҽҳәара ишацҵоу азы алаҳәара ҟаҵан.