Аԥсны

Аҟәатәи аҩнеихагылақәа руак аҿы амцакра ҟалеит

Аҟәатәи аҩнеихагылақәа руак аҿы амцакра ҟалеит жәабран 11, ашьыжь.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 11 - Sputnik. Аҟәа, Арҟаԥшьтә (Красномаиакскаиа)амҩа аҩнеихагылақәа руак аҿы амцакра ҟалеит жәабран 11, ашьыжь ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аусбарҭахь адырра ҟаҵан ашьыжь. Амцарцәаҩцәеи аиқәырхаҩцәеи аҭыԥ ахь инеит асааҭ 6:23 азы.
Амца зкыз ауада излалшоз ала ирласны идырцәеит. Амца алоџьиаҿ амашәыр ҟанаҵеит, ауааԥсыра ԥырхага рмоуит. Амцакра зыхҟьаз афымцахархәагақәа рыԥҟарра ииашамкәа ахархәара ауп ҳәа рҳәеит Аԥсны АҶА аҿы.