Аԥсны

Быҭәба иҳәеит аҿкчымазара аҽанышьҭных аамҭазы ихьанҭоу ахҭысқәа шазгәаҭам

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр ипресс-конференциа мҩаԥысуеит жәабран 11 азы Аминистрцәа реилазаара азал аҿы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба апресс-конференциаҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит COVID-19 аҽанышьҭных аамҭазы ихьанҭоу ахҭысқәа шазгәаҭам.

Жәабран 11 азтәи адыррақәа рыла ареспублика ахәшәтәырҭақәа ирҭоуп 189-ҩык акоронавирустә инфекциа рыманы, 61-ҩык урҭ рҟынтәи рҭагылазаашьа хьанҭоуп.

Аминистр иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи аамҭазы COVID-19 аҽшарҭбааз, уи алабораториақәа, ПЦР-ҭҵаара мҩаԥызго ишырныԥшыз.
Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 48028-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 39512-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 615-ҩык.
Аԥсны
Алаҵа "Спутник Лайт" даҽа партиак Аԥсныҟа иааргеит