Аԥсны

Быҭәба COVID-19 хызҽуа алаҵа шаҟа ԥхьакәу ахәшьара аиҭеит

Жәабран 11 азы иҟоу Аԥсны агәабзиарахьчара адыррақәа рыла аҿкчымазара ззышьақәырӷәӷәоу амедусҳәарҭақәа ирҭоуп 189-ҩык атәылауаа, урҭ рахьынтә рҭагылазаашьа хьанҭоуп-61-ы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иахьазы Аԥсны аҿкы хызҽуа алаҵа шаҟа рымоу атәы иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба имҩаԥигаз апресс-конференциаҿы.

"Аааигәа иааҳгаз алаҵа "Спутник V" ф-нызқь рҟынтәи актәи ахәҭа -2038 цыра аанханы иҟоуп, аҩбатәи 3162",- иҳәеит иара.

Уи адагьы, аминистр иҳәеит жәабран 10 азы Аԥсныҟа ишаагаз акоронавирустә инфекциаҟынтә алаҵа "Спутник Лайт" 3 000 доза.
"Алаҵа аамҭаҽҳәара 2022 шықәса мшаԥымзанӡа иамоуп", - иҳәеит Быҭәба.
Аҭыԥантәии аҳәаанырцәтәии аҳақьымцәеи аекспертцәеи иахьа уажәраанӡа алаҵаҟаҵара аҿкы аҿагылараҿы хра аманы ирыԥхьаӡоит.
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистр Аԥсны аҵәыҵәри ирымоу аҵәах атәы далацәажәеит
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистраа апресс-маҵзура иҟанаҵаз адыррақәа рыла, ажьырныҳәамза анҵәамҭазы ҳтәылаҿы алаҵа ҟарҵахьан 16,5 нызқьҩык ауааԥсыра.
Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны алаҵа "Спутник V" 6500 доза ааит мшаԥымза алагамҭазы. Нанҳәа 6 рзы Аԥсныҟа иааган хә-нызқь доза иҟоу даҽа хәҭак "Спутник лайт". Алаҵа ааихәеит, аагарагьы ахә ахишәааит Москватәи аԥсуа диаспора ахада Беслан Агрба. Иара убас "Спутник Лайт" даҽа 500 доза апансионат "Литфонд" ҳамҭас ианаҭеит аконцерн "Росатом".
"Спутник Лайт" даҽа 1500 доза Аԥсныҟа иааган ԥхынҷкәынмза 29 азы, даҽа 3 нызқь доза аахәаны иааган жәабран 10 азы.
Аԥсны
Аԥсныҟа иаагоуп алаҵа "Спутник Лайт" апартиа ҿыц