Аԥсны

COVID-19 змоу рзы аҟәшацҵа аадыртуеит Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба адырра ҟаиҵеит акоронавирустә инфекциа аамҭаз амбулатортә хәҭа ақәыӷәӷәара ду шамоу.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы иаартхоит аҟәшацҵа акоронавирус змоу ачымазцәа рзы ҳәа иҳәеит Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба апресс-конференциаҟны.

"Иацы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит аковид-чмазцәа рзы Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы аҟәша цҵа ааҳартырц", - иҳәеит иара.

Ачымазцәа рхыԥхьаӡара иазҳар, уахь инаагалоит ҳәа азгәеиҭеит аминистр.
Уаанӡа апресс-конференциаҿ Быҭәба иҳәахьан ачымазара акыр аҽшарҭбаазгьы ихьанҭоу ачымазцәа шырацәам.
Жәабран 11 азтәи адыррақәа рыла ахәшәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 189-ҩык COVID-19 зцәа иалоу ауаа, 61-ҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп.
Аԥсны
Быҭәба иҳәеит аҿкчымазара аҽанышьҭных аамҭазы ихьанҭоу ахҭысқәа шазгәаҭам