Аԥсны

Гагра араион аҟны аҵаратә усҳәарҭақәа рҿы акарантин иацҵоуп

Уаанӡатәи ақәҵарақәа инарықәыршәаны арҵаратә усҳәарҭақәа рҿы аҵаратә процесс еиҭахацыркхар акәын жәабран 14 азы.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 11 - Sputnik. Гагра араион ахада Иури Хагәышь аусдҵа инапы аҵеиҩит аҵаратә усҳәарҭақәа рҿы аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵазарц. Абри атәы аҳәоит араион ахадара Facebook аофициалтә даҟьаҿы.
Аусдҵа инақәыршәаны акарантин инахоуп жәабран 21 2022 шықәсанӡа.
Акарантин иацҵоуп аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ауадаҩхара иахырҟьаны.
Уаанӡа акарантин аҿҳәара иацҵан Аҟәеи Гәдоуҭеи араионқәа рҿы.
Аԥсны
Быҭәба иҳәеит аҿкчымазара аҽанышьҭных аамҭазы ихьанҭоу ахҭысқәа шазгәаҭам