Аԥсны

Гәдоуҭа араион ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи ркарантин аҽҳәара иацҵоуп

Ажьырныҳәа 31 аахыс Гәдоуҭа араион аҵаратә усҳәарҭақәа акарантин ахь иоужьуп.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 11 - Sputnik. Гәдоуҭа араион ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи ркарантинаамҭа иацҵоуп жәабран 18 рҟынӡа. Абри азы адҵа ҟаиҵеит араион ахада Баграт Боџьгуа.
Асеиԥш аӡбра рыдкылоуп аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ауадаҩхара иахҟьаны, ачымазара алаҵәара алмыршаразы.
Ажьырныҳәа 31 аахыс Гәдоуҭа араион аҵаратә усҳәарҭақәа акарантин ахь иоужьуп.
Уи аԥхьа акарантин аҿҳәара иацҵан Аҟәа ақалақь ашколқәа рҿы. Аԥсны егьырҭ араионқәа рҿы акарантин рылагалоуп ажьырныҳәа 27 аахыс.
Аԥсны
Аҟәа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рҟны акарантин аҽа мчыбжьык ацҵоуп