Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бганба Аԥсны Жәлар реизарахь алхрақәа рҽазыҟаҵара иазкны

Лыхнытәи алхратә ҭыԥ хада ахантәаҩы Асҭамыр Бганба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Жәлар реизарахь алхрақәа рымҩаԥгара рыҽшазыҟарҵо атәы.
Sputnik
"Ааигәа асиақәа ҳарҭеит. Хазы раԥхьаӡа акәны зыбжьы азҭуа ртәы ҳауит, урҭ рхыԥхьаӡара 400-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Дара ҭыԥла ишаны доусы рсиа ианҵатәуп, уи ауп уажәы ҳазҿугьы. Акомиссиақәа шьақәыргылоуп, уи аиҳарак арҵаҩцәа рылоуп ишеиқәыршәоугьы. Ианыхтәу ыҟоуп, иаанхаз еилҳаргоит. Уи аԥхьа алхрақәа ныҟаз ҳҭыԥ хада ԥшь-ҭыԥк рҟынтә 3700-ҩык рҟынӡа иҟан зыбжьы азҭоз рхыԥхьаӡара, уажәы 4000-ҩык рҟынӡа иҟалоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Бганба.
Лыхнытәи алхратә ҭыԥ хада ахантәаҩы иҳәеит, акомиссиа алахәылацәа рыла ауадаҩра шрымам, иаалырҟьаны аӡә дычмазаҩхаргьы еихьӡартә ишыҟоу.
"Зегь иреиҵоу акомиссиа фҩык ыҟоуп. Урҭ рахьынтә аӡә дычмазаҩхаргьы, аҭагылазаашьа алҵшьа ҳаԥшаауеит. Ачымазара змоу аҭыԥан аҿынӡа изымаауа, уахь акомиссиа ҳзынашьҭӡом. Алхрақәа мчыбжьык ашьҭахь иҟаларгьы ҳара ҳахиоуп", - ҳәа иҳәеит Бганба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.