https://sputnik-abkhazia.info/20220211/raionk-asazaaraynt-bganba-asny-zhlar-reizarakh-alkhraa-razyaara-iazkny--1037539202.html
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бганба Аԥсны Жәлар реизарахь алхрақәа рҽазыҟаҵара иазкны
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бганба Аԥсны Жәлар реизарахь алхрақәа рҽазыҟаҵара иазкны
Sputnik Аҧсны
Лыхнытәи алхратә ҭыԥ хада ахантәаҩы Асҭамыр Бганба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Жәлар реизарахь алхрақәа рымҩаԥгара рыҽшазыҟарҵо атәы. 11.02.2022, Sputnik Аҧсны
2022-02-11T21:40+0300
2022-02-11T21:40+0300
2022-02-11T22:49+0300
арадио
аподкаст
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/0b/1037539175_0:0:1200:676_1920x0_80_0_0_eeb5011fdd9b43545149ccfbba66cd6b.jpg
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бганба Аԥсны Жәлар реизарахь алхрақәа рҽазыҟаҵара иазкны
Sputnik Аҧсны
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бганба Аԥсны Жәлар реизарахь алхрақәа рҽазыҟаҵара иазкны
"Ааигәа асиақәа ҳарҭеит. Хазы раԥхьаӡа акәны зыбжьы азҭуа ртәы ҳауит, урҭ рхыԥхьаӡара 400-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Дара ҭыԥла ишаны доусы рсиа ианҵатәуп, уи ауп уажәы ҳазҿугьы. Акомиссиақәа шьақәыргылоуп, уи аиҳарак арҵаҩцәа рылоуп ишеиқәыршәоугьы. Ианыхтәу ыҟоуп, иаанхаз еилҳаргоит. Уи аԥхьа алхрақәа ныҟаз ҳҭыԥ хада ԥшь-ҭыԥк рҟынтә 3700-ҩык рҟынӡа иҟан зыбжьы азҭоз рхыԥхьаӡара, уажәы 4000-ҩык рҟынӡа иҟалоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Бганба.Лыхнытәи алхратә ҭыԥ хада ахантәаҩы иҳәеит, акомиссиа алахәылацәа рыла ауадаҩра шрымам, иаалырҟьаны аӡә дычмазаҩхаргьы еихьӡартә ишыҟоу."Зегь иреиҵоу акомиссиа фҩык ыҟоуп. Урҭ рахьынтә аӡә дычмазаҩхаргьы, аҭагылазаашьа алҵшьа ҳаԥшаауеит. Ачымазара змоу аҭыԥан аҿынӡа изымаауа, уахь акомиссиа ҳзынашьҭӡом. Алхрақәа мчыбжьык ашьҭахь иҟаларгьы ҳара ҳахиоуп", - ҳәа иҳәеит Бганба.Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/0b/1037539175_122:0:1189:800_1920x0_80_0_0_2b18b378424ba7b7bd32409fc3f05a8c.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аподкаст, аԥсны, аудио
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Бганба Аԥсны Жәлар реизарахь алхрақәа рҽазыҟаҵара иазкны
21:40 11.02.2022 (ирҿыцуп: 22:49 11.02.2022) Лыхнытәи алхратә ҭыԥ хада ахантәаҩы Асҭамыр Бганба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны Жәлар реизарахь алхрақәа рымҩаԥгара рыҽшазыҟарҵо атәы.
"Ааигәа асиақәа ҳарҭеит. Хазы раԥхьаӡа акәны зыбжьы азҭуа ртәы ҳауит, урҭ рхыԥхьаӡара 400-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Дара ҭыԥла ишаны доусы рсиа ианҵатәуп, уи ауп уажәы ҳазҿугьы. Акомиссиақәа шьақәыргылоуп, уи аиҳарак арҵаҩцәа рылоуп ишеиқәыршәоугьы. Ианыхтәу ыҟоуп, иаанхаз еилҳаргоит. Уи аԥхьа алхрақәа ныҟаз ҳҭыԥ хада ԥшь-ҭыԥк рҟынтә 3700-ҩык рҟынӡа иҟан зыбжьы азҭоз рхыԥхьаӡара, уажәы 4000-ҩык рҟынӡа иҟалоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Бганба.
Лыхнытәи алхратә ҭыԥ хада ахантәаҩы иҳәеит, акомиссиа алахәылацәа рыла ауадаҩра шрымам, иаалырҟьаны аӡә дычмазаҩхаргьы еихьӡартә ишыҟоу.
"Зегь иреиҵоу акомиссиа фҩык ыҟоуп. Урҭ рахьынтә аӡә дычмазаҩхаргьы, аҭагылазаашьа алҵшьа ҳаԥшаауеит. Ачымазара змоу аҭыԥан аҿынӡа изымаауа, уахь акомиссиа ҳзынашьҭӡом. Алхрақәа мчыбжьык ашьҭахь иҟаларгьы ҳара ҳахиоуп", - ҳәа иҳәеит Бганба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.