Аԥсны

Роспотребнадзор Аԥсныҟа 50 нызқь цыра ПЦР-тестқәа аанашьҭит

Апандемиа аамҭаз COVID-19 Аԥсны ирыдбалоуп 48 028-ҩык, ргәы бзиахахьеит 39 512-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Роспотребнадзор 50 000 ПЦР-тестқәа Аԥсны ианаҭеит акоронавирустә инфекциа аарԥшразы ҳәа лҳәеит апресс-конференциаҟны НИИЕПиТ аиммунологиеи авирусологиеи рлабораториа аиҳабы, акоронавирустә инфекциа ауааԥсыра рацәыхьчара Аоперштаб алахәыла Алиса Матуаԥҳа.
Лара илҳәеит иҟоу аҭагылазаашьа хьанҭазы Аԥснытәи алабораториақәа рус ишазхиоу.

"Анцәа иџьшьаны ареагентқәа азхоит", - лҳәеит лара.

Убри аан, Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит Аҟәатәи асанмаҵзура аусзуҩцәа аӡәырҩы акоронавирус шрымаз, уи азы егьырҭ ацентрқәа ахьанҭара иаҵагылар шакәхаз.
Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус азы атестқәа арҭеит 639-ҩык, адиагноз COVID-19 рзышьақәырӷәӷәан 442-ҩык.
Аԥсны
Матуаԥҳа Аԥсны иҟоу ПЦР-лабораториақәа русура ҭышәантәалан ишыҟоу далацәажәеит