АҞӘА, жәабран 14 – Sputnik. Ҳазҭалаз амчыбжь азы Аԥсны Амшын еиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуа аҳауаҭагылазаашьа ҭышәынтәалазаауеит ҳәа аанацҳауеит Аекологиазы аҳәынҭқарратә еилакы агидрометеорологиа аҟәша.
Ара анырра анаҭалоит сибратәи аҳауақәыӷәӷәара алада-мраҭашәартәи ахәҭа. Амш аамҭа-аамҭала ишәшьуеит, шамахамзар ақәа леиӡом.
Аха ахәаша аухеи асабшеи еиуеиԥшым аҳауеилазаарақәа реиҿагылара иахҟьаны ақәа, ақәабаасабаа леиуеит, ашьхарԥқәеи ашьхақәеи иахьрыҵаркуа – ақәабаасабаа, асы.
Аҳауақәыӷәӷәара – ҭышәынтәалахом.
Аԥша аҽарӷәӷәом, секундк ала аԥшаласра 1-6 метра, инабжьаршәаны ҭыԥқәак рҿы 7-12 метра ҟалар алшоит.
Аҳауаԥхарра уахынла +2 инаркны +7°С рҟынӡа, ҽынла +6 инаркны +11°С рҟынӡа.
Амшынӡы аҟәандара +8°С. Ацәқәырԥара ҭынчуп, 1-3 балл.
Ҿырԥшылатәи аҳауацәаакыра 60-90%.