Аԥсны

Гали Очамчыреи рраионқәа рҿы акарантин даҽа мчыбжьык иацҵоуп

Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи уаанӡа иадыркхьан жәабран 9 инаркны жәабран 14 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 14 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гали Очамчыреи рраионқәа рҿы акарантин даҽа мчыбжьык, жәабран 18 рҟынӡа, иацҵоуп ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит араионқәа рхадацәа.
Очамчыра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Артемон Габелаиа иажәақәа рыла, араион аҿы аепидемҭагылазаашьа уадаҩны иҟоуп, ахәшәтәырҭа иадҵаало рацәаҩуп, убри азы аҵаратә усҳәарҭақәа рҿы акарантин иацҵазарц ӡбоуп.

Гал араион ахада Константин Ԥлиа иҳәеит мчыбжьык ала акоронавирус еиҭарыхьит 11-ҩык арҵаҩцәа ҳәа. Абри инадҳәалан акарантин аамҭа иацҵоуп.

Уаанӡа Аԥсны мрагыларатәи ахәҭаҿы ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи адыркхьан жәабран 9 инаркны жәабран 14 рҟынӡа.
Ахәаша Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа аҵара-ааӡаратә усбарҭақәа рҟны аепидԥкрақәа жәабран 21 рҟынӡа иҟазарц аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Жәабран 21 рҟынӡа иацҵоуп акарантин Гагра, Гәдоуҭа араионқәеи Аҟәа ақалақьи рҿы.
Ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи ажьырныҳәа анҵәамҭаахыс аус руам.