Аԥсны

Харитон Агрба атитул IBF Intercontinental аиуразы дықәгылоит

Харитон Агрба ԥхынҷкәынмзазы атитул IBF European аиуразы иқәгылараан ахԥатәи араунд анҵәамҭазы ажәылара мҩаԥигеит, уи алагьы нокаутла Пиотр Петров дииааит.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Харитон Агрба атитул IBF Intercontinental аиуразы жәабран 21 рзы Москватәи арена УСК "Крылья Советов" аҟны дықәгылоит ҳәа аҩуеит апортал AllBoxing.Ru.
Аԥсуа спортсмен диндаҭлоит аԥышәа ду змоу венесуелатәи абоксиор Нестор Гонсалес.

"Ақәгылара даара сазыԥшуп. Соппонент аԥышәа ду имоуп. Скариераҿы ари раԥхьатәи қәгылароуп сеиҳа аҩаӡара змоу, иҷыдоу ақәгылашьа зныԥшуа аспортсмен саниндаҭло. Лҵшәас иҟалозеишь ҳәа даара аинтерес сымоуп", - иҳәеит Агрба апортал аредакциа аинтервиу аҭо.

Гонсалес 27 иааира игахьеит, урҭ рҟынтәи 20 рҟны нокаутла даиааит.
"Иқәгыларақәа зегьы рҭаҩрақәа срыхәаԥшит. Исҳәар сылшоит уаназыԥшӡам иаауҿеикшар зылшо спортсменны дшыҟоу. Иармаратә напҟьара акыр ишәарҭоуп, еснагь уишьклаԥшлароуп. Дахьаҵахаз ақәгыларақәа рҿгьы дзындаҭлоз риааира мариала ириҭомызт", - ҳәа иҳәеит Агрба.
Аԥсны
Харитон Агрба абоксиортә титул IBF European даиааит
Харитон Агрба – жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, абокс азы Адунеи ахраҿа араӡны ԥхьахә ианаршьахьеит, европатәи ахәмаррақәа рҟны араӡны ԥхьахә даԥсахахьеит, Урыстәыла ачемпионатқәа рҟны ҩынтә аԥхьахә иоухьеит, астудентцәа рыбжьара ҩынтә адунеи дачемпионхахьеит, атитулқәа WBA-Fedecaribe, WBA Continental имоуп. Апрофессионалтә ринг аҿы 2019 шықәса раахыс дықәгылоит. Аспортсмен диит Гагра, иахьазы дынхоит, иҽазыҟаиҵоит Ростов-на-Дону.