Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Харитон Агрба абоксиортә титул IBF European даиааит

Харитон Агрба - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.12.2021
Анапаҵаҩра
Харитон Агрба арингг аҟны диԥылеит аԥышәа ду змоу абоксиор 38 шықәса зхыҵуа Петр Петров, иара 50 еиндаҭлара мҩаԥигахьеит.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 - Sputnik. Абоксиор Харитон Агрба абжьарабжатә капан рыбжьара иҩаԥырго IBF European (жәларбжьаратәи абоксиортә хеилак) атитул даиааит, ԥхынҷкәын 24 рзы Москва.
Ари аиндаҭларахь днеиаанӡа аԥсуа боксиор Харитон Агрба имҩаԥигахьаз ф-қәгыларак иааирала ихиркәшахьан, урҭ рахьтә 2021 шықәсазы имҩаԥгаз ҩ- қәыларак заанаҵы даиааит. Петр Петров- 50 еиндаҭалара мҩаԥигахьеит, 42 иааирала, урҭ рахьтә 23-нокаутла, фынтә даҵахахьеит, ҩынтә еиҭахарала ихиркәшахьеит иқәгыларақәа. Аҵыхәтәантәи имҩаԥигаз ԥшь-қәгыларак нокаутла ихиркәшеит.
Ақәԥара ишалагазҵәҟьа Харитон Агрба аԥыжәара иго далагеит, индаҭлаҩ ӷәӷәала диҿагылон, иҭаҷкәымқәа лассы-ласс ииҟьон. Петров еиҳарак ахыхьчара дашьҭан. Ахԥатәи араунд анҵәамҭазы Агрба деиҵамхакәа ажәылара мҩаԥигеит, уи алагьы нокаутла аиааира игеит. Петров аиндаҭлара уаҳа илымшеит, уи иабзоураны аԥснытәи аспортсмен IBF European атитул даиааит.
Харитон Агрба – жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, абокс азы Адунеи ахраҿа араӡны ԥхьахә ианаршьахьеит, европатәи ахәмаррақәа рҟны араӡны ԥхьахә даԥсахахьеит, Урыстәыла ачемпионатқәа рҟны ҩынтә аԥхьахә иоухьеит, астудентцәа рыбжьара ҩынтә адунеи дачемпионхахьеит, атитулқәа WBA-Fedecaribe, WBA Continental имоуп. Апрофессионалтә ринг аҿы 2019 шықәса раахыс дықәгылоит. Аспортсмен диит Гагра, иахьазы дынхоит иҽазыҟаиҵоит Ростов-на-Дону.
Ажәабжьқәа зегьы
0