Аԥсны

Ҩымш рыла Аԥсны 320-ҩык инареиҳаны акоронавирус ирыдырбалеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит

Аԥсны аепидемиа ҵысижьҭеи аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 49 135-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 40 422-а ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 620-ҩык.
Sputnik
АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 581-ы, урҭ рахьтә 327-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Ҩымш рыла Гәдоуҭатәи ахәшәытәрҭаҿы рыԥсҭазаара иалҵит акоронавирус злаз хҩык ачымазцәа: 56 шықәса зхыҵуаз ԥҳәыски 91, 82 шықәса зхыҵуаз ахацәеи.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 100-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 45-ҩык, ибжьаратәуп - 55-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 44-ҩык, урҭ рахьтә 16-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 23-ҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 27-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы жәҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп 31-ҩык ачымазцәа.